Москватәи аҳәынҭкапеллеи Аԥсны аҳәынҭкамертә оркестри Аҟәа иҟало рконцерт иалацәажәеит

Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы имҩаԥысит Москватәи аҳәынҭқарратә капеллеи Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестри еицымҩаԥыргараны иҟоу аконцерт иазкыз апресс-конференциа.
Sputnik

Ашәахьа, лаҵара 3 асааҭ 18:00 рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаԥысраны иҟоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира амш иазку Москватәи аҳәынҭқарратә капеллеи Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестри рконцерт.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Аҟазара, аиҩызара, апланқәа

Москватәи аколлектив напхгара аиҭоит Анатоли Судаков, иара иаб Вадим Судаков жәашықәса инеиԥынкыланы Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла анапхгаҩыс дыҟан.

"Акыр шықәса Москватәи аҳәынҭқарратә капелла Аԥсны акырџьара иқәгылон, адгылара аанарԥшуан, наҟ-наҟгьы еиуеиԥшым апроектқәа рынагӡара ҳгәы иҭоуп", - иҳәеит Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба.

Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа аиҳабы Нинель Бжьаниаԥҳа иазгәалҭеит Москватәи Аҳәынҭқарратә капелла аԥсуа жәлар ишрыдгылоу аарԥшуа Аԥсныҟа ишаалоз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа уадаҩ аангьы, ахы рыланархәуан акрызҵазкуа аусмҩаԥгатәқәа.

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Агрба Урыстәылеи Аԥсны акультура аусхк аҟны русеицура иазкны

Аԥсны аҳәынҭқарратә камертә оркестр адирижиор Давид Терзиан иажәақәа рыла, аҩколлективк 2017 шықәса раахыс аус шеицыруа, уи ашықәсан аԥснытәи аоркестр раԥхьаӡа акәны Москваҟа гастрольла ицаны иҟан.

"Ҳара ҳоркестрқәа рыҩбагьы есымша еимадоуп. Ҳоркестр ари аконцерт мызкынаҟьак аҽазыҟанаҵон, апрограмма ҳара ҳзы маҷк иуадаҩын, избанзар ҳзышьцыламыц атемпқәа, атоналра, амодулиациақәа рҽыԥсахрақәа аныԥшуеит. Аха мчыбжьык иалагӡаны ҳара ҳашьцылеит, еилаҳкааит алҵшәа бзиа шалҵуа, ишақәнагоу ишыҟало, аранжировкагьы аинтерес шаҵоу", - иҳәеит иара.

Терзиан иазгәеиҭеит иара убас амузыкатә ҵараиура иахьатәи аамҭазы аҵак ду шамоу ахәыҷқәа рзы. Уи адагьы, рколлектив аконцертқәа рыманы атәыла араионқәа рахь ицаларгьы шыбзиаз, аха уи азы макьана алшара шыҟам.

Нинель Бжьаниаԥҳа иара убас лажәа иацҵо илҳәеит иахьазы зегь раԥхьаӡа хықәкыс ирымоу - ахәыҷқәа аинструментқәа рҟны ахәмаршьа дырҵара шакәу.

"Республикацыԥхьаӡа иҟоуп дара рхатәы симфониатә оркестрқәа - уи ртәыла ахаҿра аанарԥшуеит. Ҳара 75-ҩык рҟынӡа ҳхыԥхьаӡара аннаҳгалак, ҳгәы ҳарҭынчуеит. Уажәы ҳҵараиурҭаҿы иааҳартит аоркестртә класс, цәыббрамзанахыс оркестр хәыҷык ааҳартыртә ҳҟалоит ҳәа агәаанагара ҳамоуп", - лҳәеит лара.

Аклассика мацара акәым

Анатоли Судаков Аԥсны акультура аминистрра иҭабуп ҳәа аиҳәеит ари аусмҩаԥгатә ҩаӡара ҳаракыла иахьеиҿыркаауеи аколлектив гәыкала иахьрыдыркылази. Иара иажәақәа рыла, апрограмма театралтә қәгыларак иеиԥшхоит.

Урыстәылеи Аԥсни 2021 шықәсазтәи акультура аусхк аҟны аусеицураз аплан рнапы аҵарҩит

Апрограмма иалоуп еицырдыруа аурыс композиторцәа рашәақәа рҟынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку асиуитақәа, Гершин, Верди, акиномузыка, "Аопера анаур" ("Призрак оперы") аҟынтәи амузыка.

"Инаҳагӡо арҿиамҭақәа зегьы ҷыдала ҳара ҳансамбль азы аранжировкаҟаҵаҩцәа аус адырулеит, иҟалоит зегьы еицырдыруа ашәақәа, ахәаԥшцәагьы ашәа ҳацырҳәалар рылшоит", - иҳәеит Судаков.

Терзиан иажәақәа рыла, 25 шықәса раахижьҭеи раԥхьаӡа акәны Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны аоркестртә ажра (оркестровая яма - аред.) аадыртит, уи аҩнуҵҟа аконцерт нарыгӡалоит 30-ҩык амузыкантцәа. Ахәаԥшцәа ираҳауеит аурыс музыка адагьы, италиатәи, франциатәи, америкатәи иара убас аԥсуа милаҭтә музыкагьы.

"Арҭ рҩызцәа апроектқәа даара аҵак ду рымоуп. Ҳпублика аклассикатә музыка иаршьцылалатәуп иахьынӡахәыҷу, ашкол ианҭоу инаркны. Ари аҩыза апрактика адунеи атәылақәа реиҳарак рҟны иҟоуп. Арҭ реиԥш аконцертқәа аҭахуп, шаҟа ирацәаны имҩаԥаагало аҟара иаҳзеиӷьуп", – ҳәа азгәеиҭеит иара.

Акультура аминистр иара убас иазгәеиҭеит Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы иалагалоу аԥкрақәа инарықәыршәаны, азал 50% иреиҳамкәа ахәаԥшцәа рыла ишдырҭәуа.