Сергеи Дбар игәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысит ахьӡ-аԥша амузеи аҟны

1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭа акомандаҟаҵаҩыс иҟаз, Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Сергеи Дбар диит лаҵарамза 2, 1946 шықәсазы Мгәыӡырхәа ақыҭан.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар игәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә Афырхаҵара Ахьӡ аԥша Аҳәынҭқарратә амузеи аҟны, лаҵара 4 аҽны.

Сергеи Дбар 75 шықәса ихыҵра инамаданы амузеи аҟны еиҿкаан иԥсҭазаара еиуеиԥшым аамҭақәа аазырԥшуаз афотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа.

Сергеи Дбар игәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысит ахьӡ-аԥша амузеи аҟны

Ахәылԥаз алагамҭаз еизаз идырбан Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы иҭыхыз Сергеи Дбар дахьану афото-авидео кадрқәа. Цәыбрра 27 1993 шықәсазы- Аҟәа ахақәиҭра амш аҽны иҟаҵаз авидеоҭыхымҭақәа руак аҟны Сергеи Дбар иҳәоит: "Аибашьра цонаҵы ссолдаҭуп" ҳәа. Ахәылԥаз аҟны иқәгылоз иазгәарҭон, Сергеи Дбар ахырӷәӷәарҭа акомандаҟаҵаҩыс дзыҟазгьы аибашьцәа рышьҭахь иҽиҵәахуамызт ҳәа.

Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба иқәгылараҿы иазгәеиҭеит ар рԥыза Аиааира аагаразы илшоз зегьы ҟаиҵон ҳәа.

Сергеи Дбар игәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысит ахьӡ-аԥша амузеи аҟны

"Аибашьра иаанырԥшуеит афырхацәа-ар рԥызацәа, аԥхьагылаҩцәа, ус иҟалеит ҳара ҳаибашьраҿгьы. Сергеи Платон-иԥа Дбар -агәырҵҟәыли, аҟазареи злаз апатриот ду иакәын, иара аӷәӷәареи ажәлар ракзаареи дасимволуп", - иҳәеит иара.

Иара убас ажәа лыман Аԥсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев иԥшәмаԥҳәыс Лиубов Сосналиева, лара иазгәалҭеит аибашьра алагамҭазтәи архивтә кадрқәа рҟны дшубо зхахәы еиқәаҵәаз ахаҵа, аха аибашьра анҵәамҭазы Сергеи Дбар дшышлаз.

"17-тәи", мамзаргьы "Аду": Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар игәалашәаразы

Ахәылԥазы аҟны инарыгӡон аибашьра иалиааз ашәақәа, ирацәан ар рԥыза изкыз агәалашәарақәа.

Сергеи Дбар игәалашәаратә хәылԥазы еиҿнакааит Аԥсны акультура аминистрра.

1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭа акомандаҟаҵаҩыс иҟаз, Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Сергеи Дбар диит лаҵарамза 2, 1946 шықәсазы Мгәыӡырхәа ақыҭан. 

Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ далгеит, уи ашьҭахь Бақәатәи иреиҳаӡоу азеиԥш арратә ҵараиурҭа хиркәшеит, авзводи, аротеи, абаталиони ркомандирс дыҟан, Фрунзе ихьӡ зху Арратә академиа азыӡырҩыс дыҟан, Аеҵәа ҟаԥшь аорденқәа дыркавалерын, Германиеи, Венгриеи, Ефиопиеи реиҳабыратә ҳамҭақәа ианаршьахьан, Аԥсны аиҳабыра иҟарҵаз аҳәарала, 1990 шықәсазы Сергеи Дбар арратә комиссарс дҟаҵан. Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ианалага инаркны уи Аҟәа ахьчара напхгара аиҭон.

Рашәарамза 27 рыҽны, 2002 шықәсазы Сергеи Дбар 57 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.

Зхаҿсахьа наунагӡа зыԥсадгьыл иазынзыжьыз Сергеи Дбар игәалашәара аҳаҭыраз аҳҭнықалақь Аҟәа амҩадуқәа руаки Гәдоуҭатәи иҭахаз аибашьцәа рмузеии ихьӡ рыхҵоуп, Ахьӡ-аԥша апарк аҟны ибаҟа ргылоуп.