Урыстәылатәи аспортсмен аӡиа Риҵа дыӡсаны еихиҵәеит

Тимур Фаломкин, 42-шықәса зхыҵуа урыстәылатәи аспортсмен, аӡәы аныхьшәашәо адистанциа дуқәа дыӡсаны дырхысуеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Урыстәылатәи аспортсмен Тимур Фаломкин аӡиа Риҵа х-километрак инареиҳаны дыӡсаны дахысит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны  аспорт азы Аҳәынҭеилакы.

Ахҭыс аҭыԥ аман лаҵара 3 рзы. 950 метра амшын аҟынтә иҳараку аӡиа Фаломкин дахысит сааҭки жәиԥшь-минуҭ рыла, 2,84 километра аноурыларала.

Аӡиаҿы аӡы аԥхарра 3-4 градус еиҳамызт, убри аан аспортсмен амаҭәа ҷыдада дыҟан. Иара дымҩаԥыргон амедусзуҩцәа.

Тимур Фаломкин, 42-шықәса зхыҵуа урыстәылатәи аспортсмен, аӡәы аныхьшәашәо адстанциа дуқәа дыӡсаны дырхысуеит (4⁰С - 16⁰С). Убас иара дыӡсаны еиҩиҵәахьеит Нева (77 километра), Москва река (14 километра), аӡыбжьында Босфор (7 километра), Дарданеллы (9 километра), Финтәи аӡыбжьахала (25 километра), аӡиа Баикал (40 километра).