Аԥсны аоперштаб: даҽа 41 коронавирус хҭыс ҿыц ҟалеит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14743-ы ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13660-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 222-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 6 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 252-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 41-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 49-ҩык, урҭ рахьтә 43-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 17-ҩык, ибжьаратәуп - 27-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 13-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 21-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хәҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>