Гагра зхала зыԥсы зшьо атуристцәа иалыркаауа ҭыԥуп

Ухала ԥсшьара ацара ахьугәаԥхо аҭыԥқәа рыгәҭа Гагра абыжьбатәи аҭыԥ ннакылоит. Арахь иаҵанакуеит: Иалта, Калининград, Санкт-Петербург, Москва, Краснодар, Красноиарск, Екатеринбург, Казань, Иарославль.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Гагра зхала зыԥсы зшьо атуристцәа иалыркаауа аҭыԥқәа жәаба ирылоуп. Ареитинг еиҿнакааит амаҵзура TVIL.RU.

Асиахь иаҵанакуеит:

Иалта2225 мааҭ5,5 уахи-ҽни*
Калининград1425 мааҭбжьаха-бжьымш
Санкт-Петербург2459 мааҭфаха-фымш
Москва1486 мааҭхаха-хымш
Краснодар628 мааҭуахыки-ҽнаки
Красноиарск1838 мааҭҩаха-ҩымш
Гагра400 мааҭ17 уахи-ҽни
Екатеринбург400 мааҭхаха-хымш
Казань1725 мааҭҩаха-ҩымш
Иарославль2460 мааҭҩаха-ҩымш

* 2021 шықәса лаҵарамзатәи аԥсшьара абжьаратә хәыԥса уахык азы.

Статистикала зхала зыԥсы зшьо 1-17 уахы иаангылоит, инырхуеит 400 - 2,500 мааҭ. Аԥсшьараз ахәԥсақәа еиҳа еиҵоуп Гагра, Екатеринбург, Краснодар, еиҳа ахәԥсақәа дууп Иарославль. Бжьаратәла лаҵарамзазы аӡәы иԥсшьара 8940 мааҭ артәоит.

Зхала зыԥсы зшьо реиҳараҩык иалырхуеит аотельқәеи ахостелқәеи – 82%, 15% ауадақәа ааныркылоит.