Ҵахнакьиа: аепидҭагылазаашьа еицәахар, аҳәаа ахысра аԥҟарақәа рӷәӷәахар ауеит

Роспотребнадзор аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Урыстәыла атәылауаа Аԥснынтәи ианыхынҳәлак ашьҭахь ПЦР-тестқәа арымҭалар ҟалоит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еицәахо иалагар, аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра аԥҟарақәа рӷәӷәахар ҟалоит ҳәа иҳәеит ателеканал Абаза ТВ аинтервиу азҭаз Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

"Аҿкра зауа рхыԥхьаӡара иацло иалагар, аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра аԥҟарақәа еиҭарыхәаԥшхоит", - ҳәа иҳәеит аминистр.

Мшаԥы 30 рзы Шәача имҩаԥысит Роспотребнадзор аиҳабы Анна Поповеи Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи реиԥылара. Аиԥылара иалҵшәаны Урыстәыла атәылауаа Аԥснынтәи ианыхынҳәлак ашьҭахь ПЦР-тестқәа арҭалаӡом.

Ҵахнакьиа иҳәеит ииасыз ашықәс аан акоронавирус алаҵәара зыхҟьаз амассатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара шакәу, сынтәагьы иара уи аҩыза аҭагылазаашьа аҭыԥ шамоу. Раԥхьа иргыланы иазгәеиҭеит ачарақәа рымҩаԥгара.

"Алаҵаҟаҵара ишақәнагоу инагӡаны имҩаԥаҳгаанӡа, асанитартә маҵзурақәа рабжьагарақәа ирықәныҟәалатәуп", - ҳәа иҳәеит аминистр.

Аԥсныҟа иаагоуп алаҵа "Спутник V" 6500 доза. Урҭ иақәнагоу аҳауатә ҭагылазаашьа рзаԥҵаны агәабзиарахьчара аминистрра ахыбраҿы иҵәахуп. Амчыбжь аҩнуҵҟа иӡбахоит аиҿкааратә уснагӡатәқәа абри аганахьала ҳәа иҳәоит Ҵахнакьиа.

"Аныҳәамшқәа шаахыркәшахалак, алаҵаҟаҵаратә кампаниа ҳалагоит", - иҳәеит Ҵахнакьиа.

Аминистрра адыррақәа рыла, зынӡа Аԥсныҟа иаарышьҭраны иҟоуп 30 000 доза. Аҩбатәи апартиа аҿҳәарақәеи ахышәаҵышәеи алаҵаҟаҵаратә кампаниа амҩаԥысшьа иахьырԥшхоит.

"30 000-ҩык ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵахар, 14 000-ҩык ачымазара шырхыргахьоу азгәаҭаны, иуҳәар ҟалоит ачымазара аиҵатәразы алшарақәа ҳауеит ҳәа", - иҳәеит аминистр.

Ҵахнакьиа иҳәеит 2021 шықәсазтәи абиуџьет аҿы ишазԥхьагәаҭоу акоронавирустә инфекциа азықәԥаразы 50 миллион мааҭ. Арҭ аԥарақәа рыла иаархәоит ахәшәқәа, аныхгатә материалқәа, ПЦР-диагностиказ ареагентқәа.