Аԥсни Урыстәылеи рыруаа Аиааира апарад арепетициа мҩаԥыргеит

Аруаа шьаҿеиқәшәала рымҩасра амузыкала иадгылеит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ арратә оркестр амузыкантцәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруааи Аԥсны атәылахьчара аминистрра аруааи Аиааира амшныҳәа иазку апарад арепетициа мҩаԥыргеит. Абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аҟәа, амшын аԥшаҳәаҿы, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа имҩасит 600-ҩык инарзынаԥшуа Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруааи Аԥсны атәылахьчара аминистрра аруааи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аруааи.

Аиааира апарад иалахәхараны иҟоу аруаа акоронавирустә инфекциаҟынтә алаҵа рзыҟаҵоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: