Арадио

Харчлаа еиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақьтә еизара аусура шибо атәы

Аҟәа ақалақьтә еизара ахантәаҩ ҿыц Иракли Харчлаа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит аизара аусура злахацнаркуа, насгьы ари аусбарҭа аҳәынҭқарра аԥсҭазаараҿы ҭыԥс иааннакыло атәы.
Sputnik
Харчлаа еиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақьтә еизара аусура шибо атәы

"Иааиуа ҳаилатәараан акомиссиақәа рыӡбахә шьҭаҳхуеит. Убри аҟнытә заа ҳаидтәалан ҳаицәажәеит. Иҟоуп акомиссиақәа еидаҳҵаз. Иҟоуп хаз-хазы аус зыдулатәу. Адепутатцәа ауааԥсыреи дареи реимадара адагьы, иусура иаҵанакуеит акомиссиақәа рҿы ахалархәра. Доусы иара изааигәо ахырхарҭа игоит - аспорт, аҵара аҟәша уҳәа, ихы ааирԥшыр ахьилшо, ақалақь дахәартә еиԥш аус иуроуп. Макьана аизараҿы аиҿкааратә усурақәа роуп ицо. Иахьа ақалақь аҿы аокругқәа рҿы иҟоу апроблемақәа зегьы еиԥшуп, аӡымҩангага, алашара, амҩақәа уҳәа, урҭ шьаҿа-шьаҿала рыӡбара азгәаҭоуп. Аха еиҭа ақьалақь аҿы ирацәоуп ахәыҷқәа, убри аҟнытә урҭ раамҭа ахьырхыргаша аҭыԥқәа еиҳа ирацәазар ҳҭахуп. Ақалақь ахадеи ҳареи иҳаман аилацәажәара. Иахьынӡазалшо шықәсык аҩнуҵҟа ахәмарырҭатә ҭыԥқәа 5-6 раатразы. Аҭыԥ аалхны, ас еиԥш аусурақәа рхацыркра ҳгәы иҭоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Харчлаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.