Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Џьынџьалԥҳаи Қапԥҳаи аҵарадырра аҩаӡара иазкны

Изеиԥшроузеи ҳҵарадырра аҩаӡара, ашколқәа роушьҭмҭацәа абанӡазыҟаҵоу иреиҳау аҵариурҭақәа рҭаларазы, абри азы арадио Sputnik аҿы ргәаанагара рҳәеит Аҟәатәи алицеи-интернат аиҳабы Лариса Капԥҳаи ААУ аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Џьынџьалԥҳаи.
Sputnik
Хра злоу ахҭысқәа: Џьынџьалԥҳаи Қапԥҳаи аҵарадырра аҩаӡара иазкны

"Аинтернат аҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа ажәбатәи акласс аҟынӡа инеиаанӡа азин рымоуп досу арежим дықәныҟәаны, алеишәа бзиа ааирԥшызар, илшо акны дазкны, ихы бзианы иахьааирԥшуа дадгаланы дадҳаԥхьалоит. Анаҩс 10-11 тәи аклассқәа рҿы итәоу 14-ҩык рҟынӡа алԥшаахқәа нхоит, уаҟа иаҳа имариоуп, иаҳа дара иҳаақәҵаны ирҭаху аганахьала рхы рханы ауниверситет аҭалара. Ҳара ҳхәыҷқәа ирымаӡам аматериалтә база, арепетиторцәа ирышьҭало, аха агәырҵҟәыл ҟаҵаны, иара иҭахны даныҟала, 24 сааҭ аус зуа арҵаҩцәа раамышьҭахь ааӡаҩцәа аамҭа рымоуп аҽазыҟаҵара, зҵаарак дназыдгылалак, ахәыҷы аҭак иоуртә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Қапԥҳа.

Афилологиатә факультет ахь иаауа еиҳарак ақыҭа хәыҷқәа роуп, ақалақь аҟынтәгьы иҟоуп, ҳәарада, аха урҭ рхыԥхьаӡара иаҳа имаҷуп лҳәеит ААУ аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Џьынџьалԥҳа.

"Ара аԥхьароуп иаҭаху, ари физикам, математикам, аха абраҟагьы ахьысҳара ду ахьаадырԥшуа ыҟам. Ахәыҷы аиҭаҳәа анизымҩуа, арҵаҩы ишахәҭаз аус идимулазар ауеит. Уи зегьы ҳара иаҳбарҭоуп уа. Аԥсуа бызшәеи алитературеи репетиторда арҵаҩцәа ирылшоит ахәыҷқәа дырҵара. Апрограмма ыҟоуп, арҵагатә шәҟәқәа ыҟоуп, ахәыҷы ихала ихы аус адиулартә аҭагылазаашьа ыҟоуп. Ҳара иаҳҭаху ахәыҷы аҩымҭа дшаԥхьаз аилкаароуп, аҵакы аиҭаҳәара, анализ аҟаҵара идаагалаӡом", - ҳәа еиҭеиҳәеит.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.