Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа Аиааира Ду амшныҳәазы адныҳәаларақәа еимырдеит

Аԥснынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Владимир Путини Аиааира 76-шықәса ахыҵра амшныҳәазы адныҳәаларақәа еимырдеит, абри атәы аанацҳауеит Аслан Бжьаниа ипресс-маҵзура.

Аныҳәа иазхиоуп: Аиааира Ду амш иазку апарад аҽазыҟаҵара Аҟәа ишымҩаԥысыз

"Ҳаҭыр ду зқәу Владимир Владимир-иԥа! Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Аиааира ду амш. Маи 9- аныҳәақәа иреиҳау ныҳәоуп, алахьеиқәреи агәыбылреи зцу мшуп. Иаҳгәалаҳаршәоит адунеи афашизм иацәызыхьчаз миллионҩыла асовет тәылауаа. Дара рфырхаҵара наӡаӡа ԥсра ақәым. Ари иаҳзеиԥшу иааироуп, иаҳзеиԥшу ҭоурыхуп, ҳгәы аладууп", - аҳәоит Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.

Иара убас Аиааира Ду рыдыиныҳәалеи Урыстәла иқәынхо аветеранцәа, ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, ақәра ду.

"Аҭоурых аиҭакра иашьҭоу ахаанызгьы ирылшом Маи 9-Аиааира амш аҵакы аиҭакра. Бзиа еицырбо, изыхӡыӡаауа ныҳәоуп есымшагьы. Уи шәара ишәыбзоуроуп", - ҳәа агәеиҭеит Бжьаниа Путин ихьӡала иҟаиҵаз адныҳәалараҿы. 

Аԥсны ахада урыстәылатәи иколлегеи урыстәылатәи ажәлари ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, ақәҿиарақәа.

Урыстәыла ахада Владимир Путин атәыла ахадеи аԥсуа жәлари ирыдыинҳәалеит Аиааира Ду 76-шықәса ахыҵра.

"Аԥсны агәалашәара ашәҟәы" иеизнагоит ахатәы Ԥсра зқәым архәҭа

"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, гәыкала шәареи Аԥсны иқәынхо ажәлари ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 76-шықәса ахыҵра амш. Абри амшныҳәа азгәаҭо, ҳаҭыр ду ақәаҳҵоит анацизм иаҿагыланы агәаӷьра ду аазырԥшыз ҳабацәеи ҳабдуцәеи рфырхаҵара", - ҳәа аҳәоит Путин иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.

Урыстәыла ахада агәрагара ааирԥшит аибашьра аамҭа уадаҩқәа раан аиҳабыратә абиԥара зуасхыр шьҭарҵаз аиҩызареи аицхыраареи рытрадициақәа ԥхьаҟа еиҳагьы иӷәӷәахап ҳәа.

Путин Аԥсны инхо аибашьра ду аветеранцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ақәранҵыра ду, аманшәалара.

Иахьазы Аԥсны инхоит 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа 28-ҩык. Аибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.