Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аԥсны

Sputnik

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Аиааира амшныҳәа иазкны Аҟәа, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны,  Идырым Асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рықәҵарала ихацыркхеит имҩаԥысуаз аныҳәатә уснагӡатәқәа, уи ашьҭахь имҩаԥысит Аиааира Апарад.

Иахьазы Аԥсны инхоит 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа 28-ҩык. Аибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 12
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду Аиааира 76-шықәса ахыҵра азгәарҭеит Аҟәа.
2 / 12
Илеиуаз ақәа иахьмырԥшкәуа акциа рҽаладырхәит хәыҷи-дуи
3 / 12
Имҩаԥган Аиааира Ду 76 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз апарад.
4 / 12
Апарад иалахәын Урыстәыла Аладатәи арратә округ иатәу аоркестр
5 / 12
Апарад иалахәын 600-ҩык инареиҳаны аруаа.
6 / 12
Аибашьра иалиааз ашәақәа нарыгӡеит.
7 / 12
Абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит Аслан Бжьаниа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Аиҳабыра алахәцәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа, аруаа.

8 / 12
Апарад иалахәын зынӡа 17 парадтә гәыԥ.
9 / 12
Аруаа рыдагьы, уи иалахәын Аԥсны ААР, АҶА, Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа рколоннақәагьы.
10 / 12
Апарад напхгара аиҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба.
11 / 12
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аиааира амш аҽны, лаҵара 9 рзы Аԥсны имҩаԥысит "Ԥсра зқәым архәҭа" акциа.
12 / 12
акциа иалахәын 40-ҩык инреиҳаны атәылауаа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду иалаӡыз ргәакьацәа рфотоҭыхымҭақәа рыман.