Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Аиааира амшныҳәа иазкны Аҟәа, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны, Идырым Асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рықәҵарала ихацыркхеит имҩаԥысуаз аныҳәатә уснагӡатәқәа, уи ашьҭахь имҩаԥысит Аиааира Апарад.
Иахьазы Аԥсны инхоит 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа 28-ҩык. Аибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду Аиааира 76-шықәса ахыҵра азгәарҭеит Аҟәа.

2/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Илеиуаз ақәа иахьмырԥшкәуа акциа рҽаладырхәит хәыҷи-дуи

3/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Имҩаԥган Аиааира Ду 76 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз апарад.

4/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Апарад иалахәын Урыстәыла Аладатәи арратә округ иатәу аоркестр

5/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Апарад иалахәын 600-ҩык инареиҳаны аруаа.

6/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аибашьра иалиааз ашәақәа нарыгӡеит.

7/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит Аслан Бжьаниа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Аиҳабыра алахәцәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа, аруаа.

8/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Апарад иалахәын зынӡа 17 парадтә гәыԥ.

9/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аруаа рыдагьы, уи иалахәын Аԥсны ААР, АҶА, Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа рколоннақәагьы.

10/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Апарад напхгара аиҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба.

11/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аиааира амш аҽны, лаҵара 9 рзы Аԥсны имҩаԥысит "Ԥсра зқәым архәҭа" акциа.

12/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
акциа иалахәын 40-ҩык инреиҳаны атәылауаа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду иалаӡыз ргәакьацәа рфотоҭыхымҭақәа рыман.