Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аҟәа имҩаԥысит

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аиааира амш аҽны, лаҵара 9 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит "Ԥсра зқәым архәҭа" акциа. Аиҿкааҩцәа- Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә Афырхаҵара Ахьӡ аԥша Аҳәынҭқарратә амузеи.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik, Асмат Ҵәыџьԥҳа. Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аҟәа имҩаԥысит, акциа иалагеит Ахақәиҭра ашҭа аҟынтәи, 10:15 сааҭ рзы.

Илеиуаз ақәа иахьмырԥшкәа акциа аҽалархәразы иааит 40-ҩык инреиҳаны атәылауаа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду иалаӡыз ргәакьацәа рфотоҭыхымҭақәа рыман. Еизаз зегьы асабрадақәа рҿан, асоциалтә дистанциа иақәнаҟәон.

Аслан Бжьаниа аветеранцәа Аиааира Ду 76-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

Аҟәа инхо Анна Положинскаиа акциа далахәуп лабду Андреи Положински исахьа лыманы. Иара 1941 шықәсазы Асовет ар ахь аррамаҵура ахысразы ааԥхьара ирҭеит, уи ашықәсан дырҭҟәеит, иахьа уажәраанӡа хабарда дыбжьаӡит ҳәа дыԥхьаӡоуп. Амоҭа лажәақәа рыла, лабду арратә техника дазҟазан, уаҳа инарҭбааны иҭоурых ҳәа акгьы лыздыром.

"Санду дизыԥшын", - лҳәоит лара. Акциа ҩынтәны салахәуп. Иаҳгәалаҳаршәалароуп Аиааира Ду ҳзаазгаз".

Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аиҳабы Вадим Чеха иазгәеиҭеит, Аԥсны аҭоурых ишахӡыӡаауа.

Акциа хыркәшан Идырым асолдаҭ ибаҟа аԥхьа. Анаҩсан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит иара убас Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гунба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Аиҳабыра алахәцәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа, аруаа.

Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аҟәа имҩаԥысит

Иахьазы Аԥсны инхоит 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа 28-ҩык.

Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аԥсны есышықәса имҩаԥысуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны аиаара амшныҳәа инақәыршәаны. Раԥхьаӡа акәны акциа мҩаԥган 2012 шықәса рзы Томск.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара ахьӡала раԥхьаӡа акәны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥысит цәыббра 30, 2016 шықәсазы. Усҟан уи рхы аладырхәит ҩнызқьи бжаки ауааԥсыра.