Анхәа ақыҭан ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа агәҩара ззыҟаз ахаҵа аӡбарҭа аҟынтә доушьҭуп

65 шықәса зхыҵуаз Ҭимыр Ахба иԥсыбаҩ ԥшаан Гәдоуҭа араион Анхәа ақыҭан амҩахәасҭақәа руак аҟны, ажьырныҳәа 5 аҽны.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭала Роман Аргәын ихара шьақәырӷәӷәам, иганахьала ажьырныҳәа 5 рзы, Анхәа ақыҭан зыԥсыбаҩ ԥшааз Ҭимыр Ахба дишьит ҳәа агәҩара ыҟан. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Иара убас аӡбарҭа Аргәын -Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа Егры аӡиас ала изакәанымкәа дахыҵит ҳәа идырҵоз ахара шьақәырӷәӷәам ҳәа ахнаҳәааит.

Аргәын арҭ ацәгьоурақәа рзы ахара ихырхит, аха абџьар закәаншьаҭада аахәара, аҭира, аҵәахра, амҩангара, аныҟәгареи рзы ахәҭаҷ ала хышықәса ҭакрала ихгазарц иқәнаҵеит.

Аха, Роман Аргәын ихы дақәиҭтәын Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 27 шықәса ахыҵра ахьӡала ирылаҳәаз амнистиа дахьаҵанакыз иабзоураны.

Ҭимыр Ахба ишьразы ашьауӷатә ус Апрокуратура хадахьы иргьежьуп.

65 шықәса зхыҵуаз Ҭимыр Ахба иԥсыбаҩ ԥшаан Гәдоуҭа араион Анхәа ақыҭан амҩахәасҭақәа руак аҟны, ажьырныҳәа 5 аҽны.