Аслан Бжьаниа аветеранцәа Аиааира Ду 76-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

Аԥснынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 9 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа Аиааира 76-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа Аиааира Ду амшныҳәазы адныҳәаларақәа еимырдеит

"Агәышьҭыхреи ацәаҩашәа ҳаракы амч зцу Аиааира амш хҭәыла абиԥарақәа зегьы еимаздо ныҳәоуп, ҭаацәарацыԥхьаӡа, хаҭа-хаҭала зегьы рлахьынҵа иузаҟәымҭхо иалоу мшуп. Ҳарҭ еснагь иаҳгәалашәоит ахақәиҭра азықәԥаҩцәа рфырхаҵара, анацизм ԥыххаа иқәҵаны, хамеигӡарада Аԥсадгьыл аиқәырхаразы игылаз. Иахьа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа –аветеранцәа иаадырԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рҿырԥшы ҳазгәдуны ҿыц игыло абиԥарақәа ирылаҳааӡалоит", - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Атәыла ахада иҳәеит, Аиааира ду аҟны злагаламҭа ыҟоу Аԥсны аҵеицәагьы ҳрызгәыдууп ҳәа.

"Аибашьраҟны аӷа иҿагыларазы Аԥсны иалҵны афронт ахь ицаз рхыԥхьаӡара ҩынҩажәижәаба нызқьҩык иреиҳауп. Урҭ рыҟнытә 17-нызқьҩыык инареиҳаны аибашьра адәаҿы иҭахеит, 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа иреиҳаӡоу ахьӡ рыхҵоуп. Ҳхырхәоит 1945 шықәсазы лаҵарамзазтәи Аиааира иахьымӡаз ргәалашәара аҿаԥхьа. Лахьеиқәҵарала, ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит ари аибашьра хлымӡаах иалаӡыз зегьы", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Асовет солдаҭ ифырхаҵара ҿырԥшыганы иҟалеит 1992-93шш. рзы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраангьы, азгәеиҭеит ахада.

"Акыр иаԥсоу аветеранцәа, акыраамҭа шәҳагмыз, насыԥ шәымаз, шәажәра шкәакәазааит! Акыршықәсала игыло абиԥара ҿыцқәа апатриотизми Аԥсадгьыл абзиабареи рылааӡара аус шәалахәыз. Агәабзиара, агәамч, ақәранҵыра ду анцәа ишәаҭәеишьааит! Аиааира Ду амш шәадныҳәалаз!", - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Иахьазы Аԥсны инхоит 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа 28-ҩык. Аибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.