Аԥсны имҩаԥысит Аиааира Ду апарад

Аиааира Ду апарад иалахәын 607-ҩык Урыстәыла Аладатәи арратә округи, Атәылахьчара аминистрреи рыррамаҵзурауаа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik, Асмат Ҵәыџьԥҳа. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду Аиааира 76-шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа имҩаԥган апарад.

Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аҟәа имҩаԥысит

Апарад иалахәын Урыстәыла Аладатәи арратә округи, Атәылахьчара аминистрреи рыррамаҵзурауаа, зынӡа 17 парадтә гәыԥ - иааидкыланы 600-ҩык инареиҳаны аруаа. Аруаа рыдагьы, уи иалахәын Аԥсны ААР, АҶА, Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа рколоннақәагьы.

Агәырӷьаратә марш адырҳәеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аоркестр. Апарад аҟны ирҳәан Урыстәыла агимн.

Раԥхьатәи аколонна Аԥсны Абираҟи атәылахьчара аминистрра абираҟи рыманы апарад ианысит. 

Апарад напхгара аиҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба, апарад идикылеит Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.

Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа еиҿкаан адәаҿтәи акҿаҩра.