Аԥсны инхо аибашьра ду аветеранцәа зныктәи аԥарашәарақәа роуит

1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 9 – Sputnik. Аԥсны аиҳабыра Аиааира 76 шықәса ахыҵра амшныҳәаз 30-30 нызқь мааҭ 21-ҩык аибашьра ду аветеранцәа зныктәи аԥарашәарақәа рырҭеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

Аԥсны имҩаԥысит Аиааира Ду апарад

Аԥсны аминистрцәа реилазаара ахаҭарнакацәа аибашьра ду аветеранцәа 15-ҩык хаҭа-ҳаҭала ирҭааит, иранаршьеит аԥаратә ҳамҭақәеи, ашәҭқәеи.

Аветеранцәа ирҭааит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа, Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, Аԥсны АА рминистр Дмитри Дбар, афинансқәа рминистр Владимир Делба, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.

Аслан Бжьаниа хаҭала диҭааит аибашьра ду аветеран Борис Қәҭарба, аанацҳауеит Атәыла ахада ипресс-маҵзура. 

Борис Қәҭарба ианашьоуп "Кавказ ахьчареи" "Германиа аиааиреи" рзы амедалқәа. 11-ҩык ахшаареи, 23-ҩык амоҭацәеи, урҭ ирхылҵыз 18-ҩык амоҭацәеи имоуп. Аветеран атәыла ахада диҳәеит иҩны ахыбра аиҭашьақәыргыларазы ацхыраара ииҭарц, Аслан Бжьаниа аус шынагӡахо азы аветеран ажәа ииҭеит.

Иахьазы Аԥсны инхоит 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа 28-ҩык. Аибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.