Гагратәи ақәԥаҩцәа аԥхьахәқәа ргеит Аиааира Ду азы Москва имҩаԥгаз атурнир аҟны

Лаҵара 8 рзы Москва имҩаԥысуаз зых иақәиҭу ақәԥараз атурнир иалахәын 60-ҩык аспортсменцәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи аспортсменцәа қәыԥшцәа алахәын Аиааира Ду 76 шықәса ахыҵра амшныҳәаз Москва имҩаԥгаз зых иақәиҭу ақәԥараз атурнир, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит азыҟаҵаҩ Асҭамыр Арсҭаа.

"Атурнир мҩаԥган лаҵара 8 рзы, Москва. Аицлабра мҩаԥыргоит ари аспорт хкы ахь зшьаҿа еихызго 7-10 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа қәыԥшцәа рзы. Актәи аҭыԥқәа хԥеи, аҩбатәи ҭыԥки, х-хҭыԥки ҳгеит", - иҳәеит иара.

Гагратәи ақәԥаҩцәа аԥхьахәқәа ргеит Аиааира Ду азы Москва имҩаԥгаз атурнир аҟны

Ахьтәы медалқәа ранашьахеит Платон Агрба, Аик Косиан, Осман Дбар. Араӡны- Нестор Лазба, аџьаз-Давиду Матосиан, Саурмаг Гуцаев, Дамиру Гәлиа.