Ашахматтә турнир аҿы иаиааиз далкаауп Аԥсны

"Ҷанба имемориал 2021" захьӡу атурнир иалахәын Аԥсны араионқәа зегьи алада Урыстәылеи рҟынтәи 39-ҩык ашахматасыҩцәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 10 – Sputnik. Аҟәа ихыркәшоуп Аиааира Ду 76 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥгаз ашахматтә турнир "Ҷанба имемориал 2021".

Аицлабрақәа рылҵшәақәа рыла аиааира игеит Сергеи Миносиан.

Ашколхәыҷқәа рыбжьара иреиӷьыз алҵшәақәа аадырԥшит Тристан Кәарацхьелиа, Нестор Багаҭелиа, Даниел Полеи. Аӡӷабцәа ракәзар - Сарида Лакәатаа, Дариа Касиан. Аветеранцәа рыбжьара - Борис Наҟоԥиа, Константин Ҭыжәба, Леонид Пак.

Аиааира згақәази аԥхьахәтә ҭыԥқәа заузи зегьы иранашьан аԥаратә ҳамҭақәа, ахраҿақәа, амедальқәа, аҳаҭыртә бӷьыцқәа, иара убас Россотрудничество аҟынтәи ашәҟәқәа - аурыс сахьаркыратә литература аклассикцәа раԥҵамҭақәа. Иҷыдоу аҳамҭақәа роуит Аԥсны ашахматқәа рветеран Енвер Хазиришии Аԥсны Афырхаҵа Алхазур Сулеиманови.

Аԥсны ашахмат азы ачемпионат аҟны аиааиҩцәа рыхьӡ ҳәоуп

Атурнир аартраан алахәцәа рҿаԥхьа иқәгылеит Аԥсны ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал, Аҟәа ақалақь аҵара аҟәша аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа, Аҳәынҭспортеилакы ахаҭарнак Жанна Занҭариаԥҳа, Россотрудничество ареферент еиҳабы Борис Наҟоԥиа, Аҟәа ақалақь ахадара аспорт азы адепартамент аиҳабы Елиа Ҳагԥҳа.

Анаҩс иааиуа афестиваль "Аԥсны шәаанаԥхьоит" аҳәаақәа ирҭагӡаны аицлабрақәа "Аҟәа-Опен 2021" мҩаԥысраны иҟоуп 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны 10 рҟынӡа. Аԥснытәи Ашахмат афедерациа Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгылаҟынтәи (СНГ) алахәцәа ирзыԥшуп.