Ашьхараҿы аиқәырхара: Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Урыстәыла атәылауаҩ ацхыраара лырҭеит

Лаҵара 9 рзы ахәылбыҽха Аԥсны АҶА ахь адырра ҟалеит ашьхараҿы аԥҳәыс амашәыр дшақәшәаз - лшьапы аҟәартәрақәа ахьеиҵылхыз азы лхала аныҟәара лылшомызт.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Екатеринбург ақалақь аҿы инхо Елена Ларина лшьапы аҟәартәрақәа ахьеиҵылхыз азы лхала аныҟәара лылшомызт, амашәыр ҟалеит Иаӷьатәи аӡхыҽҽа (Аӡкылҟьа) ԥшь-километрак инахыганы ашьхараҿы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Амашәыр шыҟалаз азы атәыла АҶА ахь адырра ҟалеит амҽыша лаҵара 9 рзы асааҭ 18:20 рзы. Ааха зауз аԥҳәыс дрыԥшааит Гагра ақалақь иатәу АҶА аԥшаара-аиқәырхаратә гәыԥ аусзуҩцәа. Аиқәырхаҩцәа лара аӡы дырыргеит, анаҩс асакаса данҵаны хә-километрак дрыманы шьапыла дылбааргеит автотрассаҟынӡа.. 

Елена Ларина амедицинатә усзуҩцәа дрырҭеит, урҭ лара Гагратәи араионтә хәышәтәырҭахь днаргеит. Аԥшаара-аиқәырхаратә операциа хыркәшан ашәахьа ашьыжь лаҵара 10 рзы асааҭ 03:50 рзы.