Акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара Аԥсны иалагоит лаҵара 12 инаркны

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра амедицинатә усзуҩцәа рзы еиҿнакааит акоронавирустә инфекциа хызҽуа алаҵаҟаҵашьа аҵаразы атренингқәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Аԥсны атәылауаа COVID-19 хызҽуа алаҵа "Спутник V" рзыҟаҵара иалагоит лаҵара 12 рзы, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Ҩардан.

Аԥснытәи амедицинатә усзуҩцәа алаҵаҟаҵаразы атренинг иахысуеит

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" актәи апартиа 6500 доза Аԥсныҟа иааит мшаԥымза 30 рзы.

"Алаҵаҟаҵаразы ауадақәа зегьы еиқәыршәоуп Аԥсны араионқәа зегьы рҿы араионтә хәышәтәырҭақәа рхыбрақәа рҿы, алаҵаҟаҵара иалагоит уаҵәы инаркны", - иҳәеит Ҩардан.

Иара убас иара иазгәеиҭеит Аҟәа алаҵаҟаҵаратә пунктқәа хԥа шаарту, уа раԥхьа иргыланы амедицинатә усзуҩцәа алаҵа рзыҟарҵоит, анаҩс акоронавирус азы ашәарҭара иҭагылар зылшо азанааҭқәа рхаҭарнакцәа: арҵаҩцәа, асоциалтә усхк аусзуҩцәа, азинхьчаҩцәа, анаҩс ауп егьырҭ атәылауаа ианырзыҟаҵахо.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ иҟаиҵаз ахәшьарала, Аԥсны атәылауаа макьана уиаҟара агәацԥыҳәара аадырԥшуам, алаҵаҟаҵаразы рҽанырҵом, аха убри аан иҟоуп уи акыр иазԥшыз.

Аԥсны акоронавирус зыхьхьоу рхыԥхьаӡара 14 834-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13 823-ҩык.

"Спутник V" актәи апартиа Аԥсныҟа иаагоуп

Алаҵа "Спутник V" аԥҵоуп иҭҵаау, игәаҭоу ауаҩԥсы иаденовирустә вектор аплатформала. Иара иамоу аԥыжәарақәа иреиуоуп ашәарҭадара, хра аманы аҟазаара, акраамҭатәи ахҟьаԥҟьақәа рыҟамзаара ҳәа азгәарҭоит. Алаҵа "Спутник V" 64 тәыла, иааизакны зуааԥсыра 3 миллиард иҟоу рҟны иазхаҵоуп. Алаҵа ашәарҭадареи хра аманы аҟазаареи 97,6% ишынаӡо атәы шьақәнарӷәӷәоит амедицинатә журнал The Lancet ианыз акьыԥхьымҭаҿы. Адунеи аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит аҳәынҭқарратә зыразрақәа роура аганахьала.