Аслан Бжьаниа Аԥсны ААР равтопарки рформамаҭәеи гәеиҭеит

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра автомобилтә техника ҿыцлеи формамаҭәа ҿыцлеи реиқәыршәара хыркәшан мызкы аԥхьа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа лаҵара 11 рзы Аԥсны ААР равтопарк ҿыци рформамаҭәа ҿыци гәеиҭеит.

Аԥсны ААР аусзуҩцәа аформамаҭәа ҿыц рыла еибыҭаны Ахақәиҭра ашҭаҿы ацәаҳәа иқәгылан. Иара абра игылан атехника ҿыцгьы. Ахада иԥылаз аминистр Дмитри Дбар аусбарҭаҿы иҟоу аҿыцрақәа рыӡбахә изеиҭеиҳәеит. Атәыла ахада аинтерес кны дазҵаауан автомашьынақәа ртехникатә ҟазшьа, урҭ аусураҿы иахьынӡахәарҭоу, амашьынақәа рыҩнуҵҟа хаҭала дҭаԥшны игәеиҭон.

Аслан Бжьаниа Аԥсны ААР равтопарки рформамаҭәеи гәеиҭеит

"Арҭ аҿыцрақәа алагалахеит аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра апунктқәа руак инақәыршәаны Урыстәылатәи аган аҟынтәи. Асеиԥш иҭбаау аматериалтә цхыраара уаанӡа иаҳмоуцызт. 49 ак транспорт хархәага Аԥсныҟа иаашьҭуп Аԥсны ААР роператив-маҵзуратә усдҵақәа нарыгӡаларц азы", - ҳәа иҳәоит Аслан Бжьаниа.

Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ацхыраара ианаҭо иреиуоуп ииасыз ашықәс азы Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рмаҵзура аусзуҩцәа руалафахәы 75% ашьҭыхра ҳәа иҳәеит атәыла ахада.

"Ари цхыраара дууп. Ҳақәгәыӷуеит асеиԥш иҟоу ацхыраара азинхьчаратә усбарҭақәа русура иҵегьы еиӷьу хаҭабзиарак ахь икылыргап ҳәа. Ацхыраара зыда ҳхәарҭамыз акәын. Ԥхьаҟагьы аусбарҭа аусзуҩцәа ацхыраара рыҭахалоит русура аганахьала", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаақәа ирҭагӡаны систематә еиҭакрак ыҟам, аха урҭ аус рыдырулоит иҳәеит ахада, иагьазгәеиҭеит аструктуратәи аиҿкааратәи еиҭакрақәа ишырзыԥшу.

Аԥсны ААР аҿы ишырҳәаз ала, автомобилтә парки аформамаҭәеи ԥхьаҟагьы изныкымкәа ирҿыцхоит.