Бжьаниа Путини Минниханови Казань иҟалаз арыцҳараз дрыдышшылеит

Лаҵара 11 рзы 19 шықәса зхыҵуаз астудент Казантәи ашкол № 175 ахысра далагеит. Иҭахеит жәҩык, урҭ рҟынтәи быжьҩык хәыҷқәоуп.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путини Ҭаҭарсҭан ахада Русҭам Минниханови Казань иҟалаз арыцҳараз дрыдышшылеит.

"Аԥсны ажәлар рыхьӡала Казань аҭыԥ змаз, аԥсыҭбарақәа зцыз арыцҳара инадҳәаланы гәалсра дула ҳшәыдашшылоит. Ари игәыҭшьаагоу ахлымӡаахра Аԥсны иқәынхо зегьы гәалсрыла ирыдыркылеит. Дарбанзаалак аӡәгьы азин имам зегь раасҭа иаҳзыԥшьоу – ҳахшара рыԥсҭазаара ралхәыдатәра", - ҳәа аҳәоит Владимир Путин изышьҭу адышшыларатә шәҟәы.

Аԥсны ахада иара убасгьы дрыдышшылеит иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, аахақәа зауз ирзеиӷьеишьеит агәабзиара.

Казантәи ахҭысқәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара шьақәыргылоуп

Аслан Бжьаниа иара убасгьы адышшыларатә шәҟәы изишьҭит Ҭаҭарсҭан ахада, ӷәӷәалагьы дақәыӡбеит игәымбылџьбароу ацәгьоура.

Лаҵара 11 рзы 19-шықәса зхыҵуаз астудент Казантәи ашкол № 175 ахысра далагеит. Иара даанкылоуп. Абџьар ихьӡала иҭаҩын. Уажәы абри аганахьала ашьаус хацыркуп. Уаҵәы ареспубликаҿы алахьеиқәҵара иамшны ирылаҳәоуп.