Sputnik арадиомҩаԥгаҩы акомедиатә сериал "Ихьыԥшым" аҿы ароль наигӡоит

Мшаԥымза анҵәамҭазы Аԥсны раԥхьаӡа акәны иҭырхуа иалагеит акомедиатә сериал "Ихьыԥшым".
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аинформациатә маҵзура Sputnik арадиомҩаԥгаҩы Алхас Манаргиа акомедиатә сериал "Ихьыԥшым" (Независимый") аҿы аепизодтә роль наигӡоит.

"Амш аҩбатәи ахәҭазы Аҟармара иҭаҳхуан асценақәа. Ақәа леиуан. Ҳара амш анбеилго ҳәа ҳаԥшын. Ахьҭа сакит, сааԥсеит, аха егьырҭ алахәылацәа шьыжьнаҵы аус руан. Аӡӷабцәа аҵк-ҵаӷақәа рышәҵаны игылан, сара исҳәараны иҟааз", - ҳәа иҳәеит Алхас Манаргиа.

Асериал аҿы аҽҭыхра аинтерес аҵоуп иҳәоит Манаргиа. Аханатә иара епизодк аҿы акәын дҭырхраны иахьыҟаз, аха нас асценари авторцәеи арежиссиори даҽа епизодкгьы изацырҵеит.

"Ари дара апрофессионализм шрылоу унарбоит. Сгәыӷуеит зегьы ишахәҭаз аиԥш иҟаҳҵеит ҳәа. Уадаҩрас иҟаз ак акәын исымаз – Руслан Шьакаиа, Ҭемыр Аршба, Ҭемыр Ҭаниа – лафҳәаҩцәоуп. Сара исыхәмаруаз асцена акыр илахьеиқәҵагоуп. Ҩнуҵҟала аҽеиҭакра сцәыуадаҩын. Абыржә сыччо-сыхәмаруа сшыҟоу иаразнакы алахьеиқәҵарахь аиасра мариамызт", - ҳәа иҳәоит аинформациатә маҵзура Sputnik арадиомҩаԥгаҩы Алхас Манаргиа.

Ибаша-машам: асериал "Независимый" Аԥсны ишҭырхуа

Акино – ари џьашьахәыроуп. Амассовка уаналахәуҵәҟьа агәахәара ду уоуазар, ахәмарратә процесс алахәхара насыԥуп ҳәа иҳәеит иара.

Алхас Манаргиа аепизодтә роль ахәмарраҿы аԥышәа имоуп. Ҭемыр Ҭаниеи иареи Карен Шахназаров имелодрама "Любовь в СССР" аҟны амилиционер ироль ихәмаруан. Афильм аепизод ҭырхуан Гагра, 2012 шықәсазы.

Алхас Манаргиа идагьы асериал далахәхеит аинформациатә маҵзура Sputnik ашеф-редактор Дмитри Нездоровин. Иара иҳәеит аԥхьанатә дышшәоз, избанзар иара Урыстәыла дуӡӡа ацҳаражәҳәаҩ ироль наигӡар акәын, аха иара ишиҳәаз ала, аҭыхратә команда игәа азҭарҵеит, урҭ ирыбзоураны ишәара ихыҵит.

Асериал "Ихьыԥшым" жәа-сериак рыла ишьақәгылоит. Актәи аԥшьба рыҩхьеит, ҩ-сериак рҭыхра иаҿуп. Апроект аԥара азоунажьит авидеоплатформа "Start". Аҭыхратә гәыԥ 70% Аԥсны ауааԥсыра рыла ишьақәгылоуп. Урыстәылантә иааԥхьоу агримҟаҵаҩцәа, алашараз асахьаҭыхыҩцәа, абжьы арежиссиорцәа, апиротехникцәа роуп.

Аҭыхратә процесс напхгара аиҭоит арежиссиор Ҭемыр Кәакәасқьыр. Асериал аҭыхра хыркәшахараны иҟоуп аԥхын анҵәамҭаз. Афильм апродиусерс дыҟоуп, ароль хадагьы наигӡоит Ҭемыр Ҭаниа, асценари ацавтор – Руслан Шьакаиа.