Ҭамаз Ҵахнакьиа аорден "Ахьӡ-аԥша" III аҩаӡара ианашьоуп

Иахьа Ҭамаз Ҵахнакьиа ԥшьышықәса аус ахьиуаз Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр имаҵура хатәгәаԥхарала иаанижьит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ҭамаз Ҵахнакьиа иусуразы иҭабуп ҳәа иаҳәо, "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара ианеишьеит, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада исаит.

Ҭамаз Ҵахнакьиа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп

"Атәыла ахадара иаӡбеит Аԥсны агәабзиарахьчараҿы иҟашәҵаз алагалазы иреиҳау аҳамҭа шәанашьазарц. Ари ала аԥсҭазаара нҵәаӡом. Ишәҭаххар, ҳусеицура иацаҳҵар ҳалшоит даҽа хырхарҭак аҿы. Иҭабуп имариамыз аамҭазы ижәбаз аџьабаазы", - иҳәеит Бжьаниа.

Ҭамаз Ҵахнакьиа "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп агәабзиарахьчара аусхк аҟны илагалазы, апрофессионализм ҳарак азы, акоронавирустә инфекциа COVID-19 иаҿагыланы ақәԥараҿы илагалазы ҳәа аҳәоит ахада иусԥҟа.

Ҵахнакьиа ихаҭа иакәзар, Бжьаниа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иқәырҵаз аҳаҭыр азы, иџьабаа ахә ҳаракны иахьыршьаз азы.

"Иҭабуп сџьабаа абас ахә ҳаракны иахьышәшьаз. Сареи сколлегацәеи ҳапрофессионалтә уал акәын инаҳагӡоз ари имариам аҭагылазаашьаан. Сара гәыкала шәнапхгара аҵаҟа аус зуан", - иҳәеит Ҵахнакьиа, агәрагарагьы ааирԥшит аусқәа шыманшәалахо.

Ҭамаз Ҵахнакьиа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрс дыҟан 2017 шықәса рашәарамза аахыижьҭеи. Усҟан иара диԥсахит Андзор Гоов.