Џьансыхә Нанба Аԥсны ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы аминистрс дҟаҵоуп

Џьансыхә Нанба Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩс аус иуан лаҵара 12 2020 шықәса раахыс.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Џьансыхә Нанба Аԥсны ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы аминистрс дҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада исаит.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Џьансыхә Нанба даҽа маҵурак ахь ииагара инамаданы ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ имаҵураҟынтәи ихы иақәиҭтәразы иахьа аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Егьи иусԥҟала Нанба ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистрс дҟаиҵеит.

Уаанӡа Џьансыхә Нанба аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩс, афинансқәа рминистрс дыҟан. Уи амаҵура даҭан 2018 шықәсазы.