Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭаҿы Ахра Аҩӡба иус азы аилатәара мҩаԥысуеит

Ахра Аҩӡба даанкылан уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥигоз азы ҳәа ахара ихараҵаны.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭаҿы Ахра Аҩӡбеи иара идгылаҩцәеи рус азы аилатәара хацдыркит. Дара ахара рыдҵоуп абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥигоз азы.

Аӡбратә процесс мҩаԥысуеит Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа аӡбаҩ Игорь Агәмаа инапхгарала.

Аӡбратә процесс алагамҭазы ахыбра аҿаԥхьа еизеит Аҩӡба иуацәеи иҭынхацәеи. Урҭ аӡәаӡәала аҩныҵҟа инарышьҭуан.

Ахра Аҩӡба, Аслан Гуатижев, Андреи Лактионов, Станислав Культ, Талех Гасанов анапҭлаҳәқәа рымӷан.

Аӡбарҭа ахыбра Аԥсны ААР аусзуҩцәеи аҟәша ҷыда аусзуҩцәеи ирыхьчоит.

Ахра Аҩӡба иус Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭахь инашьҭуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа адҵала, избанзар Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азинмчқәа рыҿҳәара ииасит.