Урыстәылатәи адукат Ахра Аҩӡба изинқәа ихьчалоит

Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭаҿы лаҵара 12 рзы иаатит Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз ԥшьҩыки рганахь ала аӡбаҩцәа реилатәара.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа аӡбаҩ Игор Агәмаа Ахра Аҩӡба иҳәарала аус аҽа хьчаҩык иадгалара дақәшаҳаҭхеит.

Урыстәылатәи азенитчикцәа Амшын еиқәа акваториаҿы аԥырҩы дызҭам ихархәагақәа ҭадырхеит

Уаанӡа Ахра Аҩӡба иус ахәаԥшра урыстәылатәи адукат Сергеи Белиак иалахәхаразы азыҳәа ҟаиҵеит. Аӡбамҭа адкыларазы аӡбаҩцәа аилацәажәаратә уадахь инеиит.

Уаанӡа Ахра Аҩӡба иинтересқәа лыхьчон адукат Инга Габилаиаԥҳа.

Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭаҿы Ахра Аҩӡбеи иара идгылаҩцәеи рус азы аилатәара хацдыркит. Дара ахара рыдҵоуп абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥигоз азы.

Ари аҩыза аумҭазы ахәҭаҷ иазыԥхьагәанаҭоит ҩышықәса инаркны фышықәсанӡа ҭакрала ахыгара.