Урыстәылатәи азенитчикцәа Амшын еиқәа акваториаҿы аԥырҩы дызҭам ихархәагақәа ҭадырхеит

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан аполигон Нагвалоу аҿы Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ 200-ҩык аруаа алархәны.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ азенит ракетатә ҟәшақәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Аҽазыҟаҵарақәа раан Урыстәылатәи азенитчикцәа Амшын еиқәа акваториаҿы "аӷа" аԥырҩы дызҭам ихархәагақәа карыжьит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Урыстәылатәи аруаа Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

"Аӷа" иԥрыгатә хархәагақәа ракәны ахархәара рыҭан аԥрыга аппаратқәа "Орлан", "Застава", "Гранат". Ацәҟьарақәа ирықәдыршәон аракетақәа релектронтә ҭырҟьагақәа рыла.

Аусдҵақәа рынагӡаразы аруаа атехника аибашьратә ҭагылазаашьала иаздырхиеит, ахацыркратә позициақәа ааныркылеит, еиҿыркааит аимадареи анапхгараҭареи рсистема. Абри ашьҭахь аԥшыхәра мҩаԥганы Амшын еиқәа акваториаҿы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа карыжьит.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан аполигон Нагвалоу аҿы Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ 200-ҩык аруааи 40 ак арратә техникеи алархәны. Ахархәара рыҭан азенит-ракетатә комплексқәа "Оса-АКМ", "Стрела-10" , еиҭарго ЗРК "Игла".