Арҿиаратә еиԥыларақәа, аҩызцәа рыдкыларақәа: Баграт Шьынқәба

Sputnik

Баграт Шьынқәба Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет апрезидиум ахантәаҩыс даныҟаз Аԥсныҟа иаахьан Никита Хрушьчиови Фидель Кастрои.

Sputnik ишәыднагало афотолентаҿы ишәԥылоит Баграт Шьынқәбеи, Александр Твардовскии, Константин Симонови, Расул Гамзатови, Михаил Шолохови уҳәа зну архивтә фотосахьақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 14
Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба Ҷлоутәи иҩны ашҭаҿы
2 / 14
Баграт Шьынқәба 1958 – 1979шш. рзы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет апрезидиум ахантәаҩыс дыҟан
3 / 14
Баграт Шьынқәба Џьгьардатәи ашкол аҵаҩы (арыӷьарахь ала итәоу)
4 / 14
Баграт Шьынқәбеи Чилитәи апоет Пабло Нерудеи. 1957 шықәса
5 / 14
Баграт Шьынқәбеи Никита Хрушьчиови, Фидель Кастрои Дәрыԥшь ақыҭан
6 / 14
Александр Твардовски, Константин Симонов, Баграт Шьынқәба. Агәыӡера
7 / 14
Баграт Шьынқәба Ҷлоутәи абыргцәа рыгәҭа
8 / 14
СССР жәлар рдепутатцәа: Владислав Арӡынба, Алықьса Гогәуа, Баграт Шьынқәба, Руслан Аршба
9 / 14
Дырмит Гәлиеи Баграт Шьынқәбеи, 50-тәи ашықәсқәа
10 / 14
Баграт Шьынқәба Веимар иҟоу Гете иҩнаҟны. Германиа 1986 шықәса
11 / 14
Баграт Шьынқәбеи Расул Гамзатови. 1980-тәи ашықәсқәа
12 / 14
Баграт Шьынқәбеи Константин Симонови
13 / 14
Баграт Шьынқәбеи Михаил Шолохова,уи иԥшәмаԥҳәыси, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет апрезидиум Валериан Кобахьиеи
14 / 14
Афото аҟны ароман ахьӡ азҭаз ахаҳә еиҩса