2021 шықәсазы Аҟәа инаркны Очамчыранӡа ареспубликатә мҩаду лашарала еиқәыршәахоит

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лаҵара 12 рзы Очамчыра араион ахадараҿы инарҭбаау аилатәара мҩаԥылгеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ареспубликатә мҩаду аҩбатәи ахәҭа Аҟәа-Очамчыра 2021 шықәсазы лашарала еиқәыршәахоит ҳәа иҳәеит Аԥсны акапиталтә ргыларазы аусбарҭа аиҳабы Ҭимур Агрба Очамчыра араион ахадараҿы инарҭбаау аилатәара амҩаԥысраан.

"Аԥхьатәи 19 километра иазоужьхоит 83 миллион мааҭ. Аусурақәа зегьы ааидкыланы ирыхшәаахоит 223 миллион мааҭ", - иҳәеит Агрба.

Ареспубликатә мҩаду лашарала аиқәыршәара мҩаԥгахоит Аинвистициатә программа аԥарашәарала.