Аԥсны АҶА аусзуҩцәа урыстәылатәи атурист ашьхарантә илбаагараҿ ицхрауеит

Лаҵара 12 асааҭ 11:20 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан атуристцәа ргәыԥ рхала ашьхараҟынтә илбаарц ишаҿу, аха руаӡәк ацхыраара иҭахны дшыҟоу.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 13- Sputnik. Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥ атуристцәа ирԥыларц амҩа иқәлеит. Урҭ ргәаанагарала агәыԥи дареи АҟәаГЕС ааигәара еиԥылароуп ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Сакасала, аӡы дырганы: Аԥсны АҶА Урыстәыла атәылауаҩ ашьхараҟны дшеиқәдырхаз

Амш зегьы аиқәырхаҩцәа атуристтә гәыԥ рыԥшаара иаҿын Гәымсҭа ахахьы. Лаҵара 12 асааҭ 11:20 рзы Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан атуристцәа ргәыԥ рхала ашьхараҟынтә илбаарц ишаҿу, аха руаӡәк ацхыраара иҭахны дшыҟоу.

Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа атуристцәа ркоординатқәа рыҭан, аха иарбаз аҵакыра ахаԥраараан аӡәгьы дрымбеит.

Агәыԥи дареи реиԥылара ашьҭахь аиқәырхаҩцәа аӡбра рыдыркылоит ашьхараҿы иаанхаз атурист иԥшаарази иеиқәырхарази.

Агәыԥ иалахәуп Нижни Тагил, Екатеринбург, Челиабинск, Санкт-Петербург рҟынтәи атуризм абзиабаҩцәа.