Иԥсеиқәырхагоу алаҵа: акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит Аԥсны

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" актәи апартиа 6500 доза Аԥсныҟа иааит мшаԥымза 30 рзы. Анаҩстәи апартиа аашьҭра алаҵаҟаҵара актәи ахәҭа шымҩаԥысуа иаҿырԥшхоит.
Sputnik

Аԥсны атәылауаа COVID-19 хызҽуа алаҵа "Спутник V" рзыҟаҵара иалагеит лаҵара 12 рзы. Ииасыз амчыбжь азы Агәабзиарахьчара аминистрра еиҿнакааит амедусзуҩцәа рзы атренингқәа акоронавирус аҟынтә алаҵа аҟаҵаразы. "Спутник V" алаҵа аԥхьа иргыланы амедусзуҩцәа ирзыҟарҵоит. Алаҵа аныҟарҵо аҳақьымцәа алаҵа ззыҟарҵо ргәабзиара шыҟоу иазҵаалоит, игәарҭоит ршоура, изԥырхагахар ҟало ҳәа ззырԥхьаӡо ирыларҵаӡом.

Алаҵа ҟарҵоит изҭаху. Асиақәа аздырхиоит араионтә хәышәтәырҭақәа рполиклиникақәа рҿы. Ареспублика араионқәа зегьы рҿы иаартуп алаҵаҟаҵарҭа ҭыԥқәа. Анаҩстәи апартиа аашьҭра алаҵаҟаҵара актәи ахәҭа шымҩаԥысуа иаҿырԥшхоит.