Аԥсны Абанк Аҟәа иаанартит Аԥара амузеи

2019 шықәса алагамҭазы Аԥсны Амилаҭтә банк Аҟәа аԥара амузеи аргылара иалагеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Лаҵара 14 рзы Аҟәа иаадыртит Аԥара амузеи.

"Ҳара иҳаӡбеит амузеи аартра Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба имшира иақәҳаршәарц. Иааҳаԥхьарц иаҳҭахыз ауаа акыр ирацәоуп, аха азал дуум, ҳалшарақәа ԥкуп, уи адагьы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҳазхьаԥшит", - ҳәа иҳәеит Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

Аԥсны аԥара аҭоурых иазку ашәҟәы ҭрыжьит Амилаҭтә банк аҿы

Ажурналистцәа амузеи аадыртаанӡа инаԥхьан уа ицәыргоу цқьа ирбаразы.

"Шықәсқәак раԥхьа иӡбан амузеи аусура аиҿкаара. Уи Аԥсны Абанк аԥсарқәа рыӡбахә аларҵәароуп изызку. Иҟан имаҷымкәа ацәыргақәҵақәа, еиуеиԥшым аматериалқәа урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии аҭыжьымҭақәа рҿы. Уи анумизматцәа аинтерес рзаҵан. Ауаа ҵаауа иалагеит аԥсарқәа рбара абалшо ҳәа", - иҳәеит Бараҭелиа.

Аԥхьа иӡбан аԥсарқәа ахьӡыругаша аҭыԥ аԥшаара, аха нас иӡбахеит хазы уи азы амузеи аԥҵара.

Беслан Бараҭелиа иҳәеит амузеи изҭаху аҭаартә ишеиҿкаау.

Амузеи адиректор Асҭамыр Ҭаниа еиҭеиҳәеит Аԥсны аԥаратә еикәыршара аҭоурых ду шамоу.

"Ҳмузеи иаус хаданы иҟоу - Аԥсны аҭоурых абри ахырхарҭала аарԥшроуп. Аамҭакала уи иаанарԥшуеит ажәытә культура, ахәаахәҭратә еимадарақәа", - ҳәа иҳәеит Ҭаниа.

Амузеи аҿы ицәыргоуп Аԥсны аҭоурых еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа аԥсарқәа.

Аԥсны аԥареикәыршара аҭоурых иазку: Абанк амузеи Аҟәа ишаадыртыз

"Ара иубар алшоит Аҩадатәи Амшын еиқәа иаԥну аҭыԥқәа рыԥсарқәа, ҳлоготип акәзаргьы, ҳера ҟалаанӡатәи V - IV ашәышықәсақәа рызтәи аԥсар аверс ауп. Иара ҭыжьын Колхида иахьаҵанакуаз", - ҳәа иҳәеит иара.

Иара убасгьы амузеи аҿы иубар алшоит Византиа, Арабтә халифат, Османтәи аимпериа, Урыстәылатәи аимпериа рԥарақәа. Зынӡа хәышә рҟынӡа експонат ыҟоуп.

Асҭамыр Ҭаниа ажурналистцәа рзы аекскурсиа мҩаԥигеит, идирбеит аԥараԥҟага. Дара рхалагьы уи ала аԥара ԥырҟарц рыдигалеит. Даргьы гәахәарыла ус иагьырҵеит.

Аԥсны Абанк Аҟәа иаанартит Аԥара амузеи

Амузеи аартрахь инеит Аслан Бжьаниа раԥхьа днаргыланы атәыла анапхгара.

Абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа еизаз ирзеиҭеиҳәеит уаҵәы инаркны изҭаху амузеи иаҭаар шрылшо, иара убас планс ишимоу ара аҭҵаарадырра-практикатә ус амҩаԥгарагьы, аҿар ҳтәыла аԥаратә еикәыршара аҭоурых нарҵауланы иҭырҵааларц азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: