Аҟәатәи ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит COVID-19 злаз апациентка

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14984-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13907-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 225-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 216-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 38-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аҟәатәи ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1945 шықәса рзы ииз апациентка. Лара ари ахәышәтәырҭа дҭашәеит мшаԥы 11 рзы, уи аахыс илзымҩаԥыргоз ахәышәтәра иахьмырԥшкәа, лыԥсҭазаара далҵит лаҵара 13 рзы.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 52-ҩык, урҭ рахьтә 37-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 21-ҩык, ибжьаратәуп - 17-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 31-ҩык апациентцәа, рҭагылазаашьа бааԥсуп фҩык. Очамчыра ирхәышәтәуеит 16-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 18-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ԥшьҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>