Аԥсны ААР урыстәылатәи атуристцәа ҩыџьа ыӡит ҳәа ирҳәо аҿаԥнаҽуеит

Аԥснытәи Telegram-каналқәа руак аҿы ицәырган аинформациа ареспубликаҿы ҩыџьа Урыстәыла атәылауаа – 28 шықәса зхыҵуа Дана Панковеи 19 шықәса зхыҵуа Кристина Селиаминеи ыӡит ҳәа. Аҭыԥҳацәа лаҵара 12 рзы ауп аҵыхәтәаны рҭаацәа ҭелла ианрацәажәоз.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Telegram-канал аҿы иӡит ҳәа зхырҳәааз аҭыԥҳацәа ԥшаауп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Бадра Аиба.

Иара иҳәеит дара хаҭала Аԥсны ААР аинформациа-координациатә центр ахь инеины аилыркаага шәҟәы шынрыжьыз.

Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа иӡыз урыстәылатәи атурист иԥшаара иацырҵоит

Ашәҟәаҿы иаҳәоит лаҵара 13 рзы азинхьчаратә усбарҭақәа рҟынтәи ишеилыркааз дара ыӡит ҳәа рыԥшаара ишаҿу, рҭаацәа шрышьҭоу.

Дана Панкова леилыркаага шәҟәаҿы иаҳәоит Шәача дшынхо, аамҭала Аҟәаҟа дшааз. Иазгәалҭеит ара хатәгәаԥхарала дшыҟоу, ареспубликаҿ аанхара лгәы ишҭоу.

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Бадра Аиба атәыла ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҭагылазаашьа амца аҵарымҵарц, аиҳаракгьы акурорттә сезон аламҭалаз, аинформациа аларҵәараан аофициалтә хыҵхырҭақәа рхы иадырхәаларц.