Аԥсны Абанк лаҵара 14 рзы Аҟәа иаанартит Аԥара амузеи.
Аԥхьа иӡбан аԥсарқәа мацара ахьӡыругаша аҭыԥ аԥшаара, аха нас иӡбахеит хазы уи азы амузеи аԥҵара. Аиҿкааҩцәа ирҭахын Аԥсны ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны иамаз аԥареикәыршара аҭоурых цәырыргарц.
Амузеи адиректор Асҭамыр Ҭаниа еиҭеиҳәеит Аԥсны аԥаратә еикәыршара аҭоурых ду шамоу. Ара иҟоуп византиатәи аԥарақәа, иара убас Арабтә халифат, Османтәии Урыстәылатәии аимпериақәа рмонетақәа.
Аофициалтә аартрахь дааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи аиҳабыра рхаҭарнакцәеи.
Абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа еизаз ирзеиҭеиҳәеит уаҵәы, лаҵара 15 инаркны изҭаху амузеи иаҭаар шрылшо, иара убас планс ишимоу ара аҭҵаарадырра-практикатә ус амҩаԥгарагьы, аҿар ҳтәыла аԥаратә еикәыршара аҭоурых нарҵауланы иҭырҵааларц азы.