Очамчыра араион аҿы иаадыртуеит амилициаа рхырӷәӷәарҭатә пункт

Ахырӷәӷәарҭатә пункт аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны сменалатәи аҷаԥшьарақәа ирыцлоит ауаажәларратә шәарҭадаразы ацуҭатә милициа аҷаԥшьарақәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Очамчыра араион аҿы иаадыртуеит амилициаа рхырӷәӷәарҭатә пункт Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар идҵала ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Очамчыра араион аҿы атуристцәа рхыԥхьаӡара акыр иацлеит, аԥсшьаҩцәа рҭаауеит ақыҭақәа Кындыӷи Тамшьи.

Амилициаа рхырӷәӷәарҭатә пункт аԥҵахоит ауаажәларратә еиҿкаареи ашәарҭадареи рырӷәӷәаразы.

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба Очамчыра араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы дицны ирҭааит Кындыӷи Тамшьи аус зуа акурорттә обиектқәа. Иазгәаҭоуп арҭ аҭыԥқәа зегьы рҿы авидеошьклаԥшратә системақәа аус шыруа.

Ажьиба иҳәеит апункт аусзуҩцәа реидкылара шымҩаԥысуа Очамчыра араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа рҟынтәи. Иаҭаххар, уахь инашьҭхоит егьырҭ аҟәшақәа русзуҩцәа.

Ахырӷәӷәарҭатә пункт ҩ-автомашьынак аҭоуп. Амилициа апатрультә маҵзура аекипажқәа ишьақәыргылоу амаршрут ала иныҟәалоит, акурорттә зонақәа рҿы азинеиҿкаареи ашәарҭадареи ирхылаԥшуа.