Арадио

Сақаниа: ааигәоуп меигӡарахда, атехника еимакны аусурақәа ҳанрылага

Гәдоуҭа араион амашьына-трактортә станциа аиҳабы Лавренти Сақаниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы амхқәа рыцәаӷәара аус шцо атәы.
Sputnik
Сақаниа: ааигәоуп меигӡарахда, атехника еимакны аусурақәа ҳанрылага

"Амза 10 инаркны ауп меигӡарахда, атехника еимакны аусурақәа ҳанрылага. Ҵыԥхтәи арбагақәеи уажәтәии кыр рыбжьоуп. Дәрыԥшьи Лыхни ицәӷәан ақәа анлеиуаз аамҭазы, уажәы Ҟәланырхәа атехника гылоуп, аха макьана адгьыл иаамҭам. Аацы, Аҷандара, Абгархықә, Мгәыӡырхәа - иԥшуп. Уажәы адгьыл хыхь ихҩаалашәа иҟоуп, аха аҩнуҵҟа иӡбаароуп. Ус ицәаӷәаӷәаны адгьыл анҩа, анаҩс аус узадулаӡом. Ҵыԥхтәи ашықәс еиԥш иаҳзыҟаҵом, аха 50% ҳзыҟаҵар, даара ибзиахон. Сынтәа ауаа усҟак нап адыркылар рҭахымшәа збоит. Ҵыԥх ашықәс ҿыц нахыс иааины атехника ргон, ус ҟазҵозгьы аҿар ракәын. 2 миллионки бжаки аԥара ҭаҳгалеит, 1000 гектар рҟынӡа адгьыл ҳцәаӷәеит ҵыԥх", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сақаниа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: