Владислав Арӡынба имашьынақәа ирызку афильм ҭырхит Аԥсны

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иавтопарк иазку "Аамҭа амашьынақәа" ("Машины времени") захьӡу афильм аԥхьарбара мҩаԥысит Аҟәа аԥшьаша лаҵара 13 рзы Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имаҵуратә машьынақәа ирызку афильм "Аамҭа амашьынақәа" ("Машины времени") ҭырхит Аԥсны ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит апроект автор, апродиусер Витали Бигәаа.

"Аҳәынҭқарра ахадацәа рмаҵуратә машьынақәа ирызку афильм аҭыхра гәҭакыс иҳамоижьҭеи акыр ҵуан. Уи анагӡаразы раԥхьа иргыланы ҳара иҳаӡбеит Владислав Григори-иԥа имашьынарныҟәцаҩцәа ҳрыҿцәажәарц", - иҳәеит иара.

Апроект алахәцәеи афильм афырхацәеи рзы иаркыз аԥхьарбара мҩаԥысит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Аҳәынҭқарратә музеи аҿы аԥшьаша лаҵара 13 рзы. Иара убас уи Аԥсуа телехәаԥшралагьы иддырбараны иҟоуп, макьана арыцхә алхӡам амала.

Афильм аҿы еиҭарҳәоит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Владислав Арӡынба дзықәтәаз амаҵуратә машьынақәа хԥа рҭоурых. Урҭ рахьтә ираԥхьатәииз зыԥштәы хҩежьаау "Волга" 2410 акәын. Иара Аԥсны раԥхьатәи ахада диижьҭеи 70 шықәса аҵра аламҭалаз ареставрациа азуны амузеи ҳамҭас ианаҭеит акомпаниа "А-мобаил".

Егьырҭ автомобильқәа ҩба - апремиум класс иатәқәоу 1993 шықәсазтәи Lincoln Town car, Mercedes W140 – Владислав Арӡынба иҭынхацәа рхатә коллекциаҿы иҟоуп.

Афильм "Аамҭа амашьынақәа" аҭыхра иалагеит 2020 шықәса ҭагалан, уи мызкы аҟара аҭыхра иаҿын. Уи аус иалахәын жәаҩык инарзынаԥшуа Аԥсны аспециалистцәа. Ари апроект анагӡараҟны ацхыраара ҟарҵеит Владислав Арӡынба иҭынхацәа, иҩызцәа, имашьынарныҟәцаҩцәа. Урҭ иргәаладыршәон раԥхьатәи ахада имашьынақәа ирыдҳәаланы дзықәшәақәахьаз ахҭысқәа.

Витали Бигәаа иажәақәа рыла, ари афильм аԥхьарбара уаанӡагьы иазгәаҭаны ирыман, аха акоронавирус апандемиа иахҟьаны уажәы-уажәы иахыргон.

"Аӡыргара изныкымкәан иахаагар акәхеит, аха аҵыхәтәаны иахьатәи арыцхә аҳаҭыр азы иазгәаҳҭеит. Аҭыхрақәа даара аинтерес рыҵаны имҩаԥысит. Урҭ раан Владислав Арӡынба имашьынарныҟәцаҩцәа ԥшьҩыки сареи ҳаибадырит. Дара ҳхада иԥсҭазаара рнапы ианын, уи азы руалԥшьа нарыгӡон. Угәы иахәон иануаҳауаз Владислав дара усзуҩцәак реиԥш акәымкәа, иҭаацәара иатәыз ракәызшәа дахьырзыҟаз анеиҭарҳәоз. Иара иҵегьы амашьынарныҟәцаҩцәа иман, аха аҭыхрақәа зегьы залахәымхеит. Урҭ рахьтә иахьа зыԥсҭазаара иалҵхьоугьы ыҟоуп", - иҳәеит Бигәаа.

Афильм "Аамҭа амашьынақәа" азы ахарџь ахахьы иагеит акомпаниа "А-мобаил". Бигәаа иажәақәа рыла, аҭыхратә гәыԥ ргәы иҭоуп Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь имаҵуратә автомобильқәа ирызкынгьы афильм аҭыхра, аха уи залыршахом иара иуацәа адгылара ҟарымҵакәа.

Владислав Арӡынба - еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ракадемик, Адыгатәи Адунеижәларбжьаратә академиа алахәыла, иҭиҵаауан Азиа Маҷ ажәытә милаҭқәа, ҷыдала ахаттцәеи ахеттцәеи рҭоурых.

Ԥхынҷкәынмза 24, 1990 шықәса рзы Владислав Григори-иԥа Арӡынба далырхуеит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс. Убри инаркны далагоит аԥсуа жәлари аҳәынҭқарреи рзинқәа рыхьчара, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак дахагыланы уи аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара ахырхарҭа шьҭихит.

Гәдоуҭа еиҿкаауп Владислав Арӡынба игәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа

Владислав Арӡынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993) напхгара аиҭон Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә хеилак, аамҭакала Аԥсны архәҭақәа Рыдҵаҟаҵаҩ хадас дыҟан.

1994 шықәса, абҵара 26 рзы В.Г. Арӡынба далырхуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас. 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы жәлары зегьы рыбжьыҭирала ҩынтәны деиҭалырхуеит.

Владислав Арӡынба ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара. Иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса хәажәкыра 4 рзы.