COVID-19 злаз даҽа пациенткак лыԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15006-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14025-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 226-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 176-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 22-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы лаҵара 14 рзы лыԥсҭазаара далҵит 1939 шықәса рзы ииз акоронавирус злаз апациентка.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 51-ҩык, урҭ рахьтә 41-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 28-ҩык, ибжьаратәуп - 12-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 31-ҩык апациентцәа, рҭагылазаашьа бааԥсуп хәҩык. Очамчыра ирхәышәтәуеит 16-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 17-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ԥшьҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>