АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. Вашингтон Урыстәыла аҿаԥхьа аҿагылара аанарԥшыроуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҿы иахьыҟоу азы ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Еиду Америкатәи аштатқәа рхада уаанӡатәи иабжьгаҩ Џьон Болтон. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Қырҭтәыла Урыстәыла ықәнацароуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи", - ҳәа иҩит иара National Review аҿы иикьыԥхьыз астатиаҿы.
Аполитик иажәақәа рыла, Асовет Еидгылеи Варшаватәи аиқәшаҳаҭра аиҿкаареи рхыбгалара ашьҭахь НАТО атәыла ҿыцқәа рыла ахарҭәаара макьана ихыдмыркәшаӡацт: Мрагыларатәи Европеи Кавкази ирыҵанакуа ҩ-тәылак рызҵаара ӡбамкәа иҟоуп, дара иахьа уажәраанӡа Урыстәылеи алианс аҳәаа ҿыцқәеи ирыбжьаханы иҟоуп.
Уаанӡатәи абжьгаҩ игәаанагарала, НАТО анырра урҭ адгьылқәа рахьгьы инагатәуп.
Убри аан иара иазгәеиҭеит ари азонаҟынтәи Қырҭтәылеи Украинеи Америказы иреиҳау астратегиатә ҵакы шрымоу.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рсуверенитет Урыстәыла иазханаҵеит нанҳәа 26 2008 шықәсазы. Москва изныкымкәа аҳәамҭа ҟанаҵахьеит Қырҭтәыла уаанӡатәи автономиақәа разхаҵара иахьатәи ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа ишрықәшәо, уи аиҭахәаԥшра ргәы ишҭам. Қарҭ арҭ аҩреспубликак рсуверенитет азханаҵарц агәы иҭаӡам.
Урыстәыла иазгәанаҭоит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иара аҳәаақәа рҿы НАТО атәылақәа рырратә мчра иаҳа-иаҳа арӷәӷәара ишаҿу, мҽхакыҭбаала аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥырго, аурыс ари дареи реибашьра амодельқәа шышьақәдыргыло.
Уаанӡа Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу аҳәамҭа ҟаиҵахьан НАТО Европа иаанарԥшуа ахымҩаԥгашьа аибашьратә шәарҭара шдырцыхцыхуа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны атәылахьчара аминистрра НАТО Амшын еиқәаҿ аҟазаара ахҳәаа анаҭеит
Америкатәи арра-мшынтә мчқәа ркреисер Амшын еиқәа иалалеит
Ҳагба НАТОи Урыстәылеи Амшын еиқәаҟны "реиндаҭларазы": агәаҽанызаара аарԥшлатәуп