Гагра аҩнытә ԥстәқәа зманы ԥсшьара ицо иалыркаауа аҭыԥқәа жәаба ирылашәеит

Амаҵзура TVIL.RU иалнакааит аҩнтәы ԥстәқәа зманы ԥсшьара ицо еиҳа иалыркаауа ахырхарҭақәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. 2021 шықәсазы Гагра аҩнытә ԥстәқәа зманы ԥсшьара ицо иалыркаауа аҭыԥқәа жәаба ирылашәеит.

Гагра еиԥш иреиӷьу атопқәа ирыҵаркит Иалтеи Шәачеи. Аԥхьатәи ажәаба ирыҵаркит: Санкт-Петербург, Москва, Ростов-на-Дону, Кисловодск, Осташков, Петрозаводск, башкириатәи акурорт Банное.

Ажәаба-хырхарҭа рсиа:

Иалта 4517 нызқьмааҭ8 у.
Шәача2767 нызқьмааҭ     10 у.
Гагра2075 нызқьмааҭ     10 у.
Санкт-Петербург          3618 нызқьмааҭ   6 у.
Москва2677 нызқьмааҭ  4 у.
Ростов-на-Дону  2310 нызқьмааҭ     1 у.
Кисловодск1468 нызқьмааҭ     10 у.
Осташков6194 нызқьмааҭ    7 у.
Петрозаводск 4243 нызқьмааҭ     5 у.
Банное4270 нызқьмааҭ    5 у.

Амаҵзура TVIL.RU адыррақәа рыла атуристцәа заанаҵы иҿарҵоит 1-10 у-ҽ аԥсшьараз аҭыԥқәа, инырхырц иазыхиоуп уахыки-ҽнаки рыла 1,5 - 6 нызқьмааҭ.

Убри аан еиҳа ахәқәа лаҟәуп Кисловодск, иҳаракуп – Осташково.