Аԥснынтәи аҵыҵындра апартиак Урыстәыла алагалара мап ацәыркит

Асезон иалагазар Аԥснынтәи Урыстәылаҟа инаргахьеит 187,5 тонна аҵыҵындра.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Аԥснынтәи тоннабжак аҵыҵындра Урыстәыла алагалара мап ацәыркит акарантин-фитосанитартә гәаҭара анымҩаԥырга ашьҭахь. Абри атәы аанацҳауеит Россельхознадзор асаит.

Россельхознадзор Аладатәи арегионбжьаратә усбарҭа аинспекторцәа аԥснытәи абаҳчаҵыҵындра апартиаҿы ирбеит мраҭашәаратәи (калифорниатәи) ашәҭтә трипс.

Ас шакәыз анаҩс еиҭашьақәырӷәӷәан ФГБУ "Краснодарская Межобластная ветеринарная лаборатория" аҿы.

Атауар ырхынҳәын Урыстәыла аҵакыраҿы аҿкра аланамгаларц азы.

Иазгәаҭоуп сынтәа ари ахҭыс аиԥш зеиԥшу ҩынтә ишыҟалахьоу.

Аҵыҵындра Урыстәылаҟа аекспорт ырмариахар ҟалоит

Россельхознадзор адыррақәа рыла, Краснодартәи атәылаҿацә аушьҭырҭатә ҭыԥқәа зегьы хылаԥшра рызнауеит Аладатәи арегионбжьаратә усбарҭа. Арҭ аҭыԥқәа рыла Урыстәыла иаларгалахьеит  зыкапан 11 нызқь инаӡо 677 партиа абаҳчаҵыҵындра Ҭырқәтәыла, Египет, Аԥсны рҟынтәи.

Убри аан Ҭырқәтәылантә иалагалоуп 10,7 нызқь тонна, Аԥснынтә – 187,5 тонна,  Египетынтә - 26,24 тонна.

Иазыԥхьагәаҭоуп аԥснытәи аҵыҵындра зықь тонна инеиҳаны Урыстәылаҟа анашьҭра.

Калифорниатәи атрипс – ихәыҷу маҵоуп, ашәыр аӡы алнацәцәаауеит, игьамаданатәуеит, Аҩада Америка иатәуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: