Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: COVID-19-и уи аҟнытә алаҵеи ирызкны

Раԥхьа ҳтәылаҿы акоронавирус аҟнытә алаҵа ҟазҵаз Рауль Харчлаа, Аҟәа алаҵаҟаҵаразы апункт ҿыц амедиаҳәшьа аиҳабы Инга Кәыҵниаԥҳа, аҳақьым Анжела Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы ҳтәылаҿы COVID-19, уи аҟнытә алаҵа аҟаҵареи иадҳәалоу азҵаарақәеи ирылацәажәеит.
Sputnik
Хра злоу ахҭысқәа: COVID-19-и уи аҟнытә алаҵеи ирызкны

"Авакцина ҟасҵеижьҭеи ԥшьымшум, аҩбатәи ҟасҵоит рашәарамзазы. Ари ачымазара ирацәаҩны ауаа рыԥсҭазаарақәа агахьеит. Ари ҳара ҳзы даара ишәарҭоу чымазароуп. Сара исзааигәаз сҩызцәа хәҩык сцәыӡит. Иҟоуп цәгьала изхызгаз, нарцәы ицаны иааит. Сара исмыхьӡеит, аха зегьы исарҳәон авакцина ҟасҵарц. Сзыҿцәажәоз зегьы уи акәын ирҳәоз, иҟауҵар бзиоуп ҳәа. Саргьы агәыҩбара сымамызт иааргар, ишыҟасҵоз ала", - ҳәа еиҭеиҳәеит Харчлаа.

Иахьа Синоп аҳаблаҿы алаҵаҟаҵаразы иаадыртраны иҟоу амедпункт амедиаҳәшьа Инга Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит уаҟа имҩаԥысуа аҽазыҟаҵаратә усурақәа, насгьы русура шеиҿкаахо атәы.

Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа арадиоефир аҿы илҳәеит аԥкрақәа рырԥсыҽразы лгәаанагара атәы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: