"Ақыҭаҿы анхацәа амхқәа аус рыдырулоит уажәааны, уи иаамҭоуп. Ацәаӷәарақәа ирҿуп, алаҵара рҽазыҟарҵоит. Атехника араион аҟнытә иргоит. Иҟоуп хәыда-ԥсадагьы иззырцәаӷәо, урҭ еиҳарак аинвалидцәа роуп. Еиҭа ҳгәы иҭоуп аптаҟынтә ахәшәтәрақәа рымҩаԥгара. Ахәшәқәа ҳамоуп, анхацәа изҭаху ирзаҳшоит, уи зхаҭа иақәызҭәар зҭаху рзы. Егьыс иара ақыҭа зегьы атехника бжьаҵаны иаҳхәышәтәырц ҳгәы иҭоуп. Бабышьра иҟоуп анаплак маҷқәагьы, ауҭраҭых аазрыхуа, дара раалыҵ ара аҭыԥан ирҭиуеит, иҟоуп аҳәаа иахызгогьы. Аҭыԥантәи анхацәа урҭ анаплак маҷқәа рҿы аус руеит, аамҭала усурҭатә ҭыԥла еиқәшәоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Ақыҭа ахада иара убас еиҭеиҳәеит анхацәа иаарласны имҩаԥыргараны иҟоу арыцқьарақәа ртәы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik аефир аҿы.