Аҳақьымцәа аилыркаа ҟарҵоит алаҵа ашьҭахь ашоурартәага ахәшә ажәра зыҟамло

Еиду аштатқәа рҿы Диук ихьӡ зху амедицинатә школа Ауниверситет аҟазауаа алабораториатә експеримент мҩаԥыргеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара ашьҭахь ашоурартәага ахәшә ацәеижьҿагылақәа рцәырҵра иаԥырхагахар алшоит ҳәа аҩуеит "Известия", Еиду аштатқәа рҿы Диук ихьӡ зху амедицинатә школа Ауниверситет аҟазауаа рлабораториатә експеримент адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Спутник V" ахархәараамҭа иацҵахар ҟалоит

Аҟазауаа ргәаанагарала, ари зыхҟьо ахәшә ахыцқәа иҷыдоу адырра рызҭо амҩақәа хырҽыр ахьалшо ауп.

Алабораториатә експеримент аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылан аспирин, ибупрофен аиммунтә ҭак агенқәа рекспрессиа ахылаԥшра азҭо ахыӡ аусура анырра арҭар шауа.

Егьырҭ истероидтәым ахәшәқәагьы ацәеижь зыхьчо Т-хыцқәа рактивациа иаԥырхагахар ҟалоит.

Авторцәа иазгәарҭоит апрофилактиказ ахәшәқәа рыдкылара даҽак шакәу, избанзар аиммунтә ҭак алаҟәра аҭыԥ анаиуаз алаҵаҟаҵара ашьҭахь шакәыз.

Аԥсны лаҵара 11 раахыс имҩаԥысуеит урыстәылатәи "Спутник V" ала алаҵаҟаҵара.