АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" ахархәараамҭа иацҵахеит аамзы рҟынӡа иацҵоуп ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи ринститут адиректор Александр Гинцбург.
"Ахархәараамҭа ацҵара ҳалшеит. Макьаназ аамзы рҟынӡоуп, аха шықәсык аҟынӡа инаҳагӡар алшоит", - иҳәеит Гинцбург.
Иара убасгьы иҳәеит алаҵа ашьҭахь акоронавирус ахь ахыцтә иммунитет ҩышықәса рҟынӡа аиқәырхара алшо иҟалар ауеит ҳәа
Алаҵа "Спутник V" аԥҵоуп иҭҵаау, игәаҭоу ауаҩԥсы иаденовирустә вектор аплатформала. Иара иамоу аԥыжәарақәа иреиуоуп ашәарҭадара, хра аманы аҟазаара, акраамҭатәи ахҟьаԥҟьақәа рыҟамзаара ҳәа азгәарҭоит. Алаҵа "Спутник V" 64 тәыла, иааизакны зуааԥсыра 3 миллиард иҟоу рҟны иазхаҵоуп. Алаҵа ашәарҭадареи хра аманы аҟазаареи 97,6% ишынаӡо атәы шьақәнарӷәӷәоит амедицинатә журнал The Lancet ианыз акьыԥхьымҭаҿы. Убри аан ажурнал уаанӡа ианарбахьаз адыррақәа(91,6%) раасҭа еиҳахахьеит алаҵа ззыҟарҵахьо урыстәылаа. Адунеи аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит аҳәынҭқарратә зыразрақәа роура аганахьала ҳәа рҳәоит аинвистициақәа Урыстәылатәи рфонд (РФПИ), Гамалеи ихьӡ зху.
Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" актәи апартиа 6500 доза Аԥсныҟа иааит мшаԥымза 30 рзы. Аԥсны атәылауаа COVID-19 хызҽуа алаҵа "Спутник V" рзыҟаҵара иалагеит лаҵара 12 рзы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: