Акарантинтә маҵзура: ареспубликаҿы калифорниатәи атрипс аарԥшым

Аԥснынтәи тоннабжак аҵыҵындра Урыстәыла алагалара мап ацәыркит акарантин-фитосанитартә гәаҭара анымҩаԥырга ашьҭахь. Россельхознадзор Аладатәи арегионбжьаратә усбарҭа аинспекторцәа аԥснытәи абаҳчаҵыҵындра апартиаҿы ирбеит мраҭашәаратәи (калифорниатәи) ашәҭтә трипс.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Аҵиаақәа ркарантин азы Аԥсны аҳәынҭқарратә инспекциа адыррала ареспубликаҿы мраҭашәаратәи (калифорниатәи) ашәҭтә трипс ахабар рымбацт. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит амаҵзура аусзуҩ Анзор Вартагаа.

Иара ишиҳәо ала, амаҵзура аусзуҩцәа аԥснытәи абаҳчаҵыҵындра апартиаҿы ирбеит мраҭашәаратәи (калифорниатәи) ашәҭтә трипс ҳәа ахьраҳаз АИХқәа рҟынтәи ауп. Апартиа ду аҟны атрипс ахьнанагаз ҳәа Вартагаа акгьы изҳәом. Иара иажәақәа рыла, аекспорт ицо атауар аҳәааҿы акарантинтә маҵзура агәаҭара мҩаԥнагоит.

"Иуадаҩуп аҳәара атрипс ахьнанагаз ҳәа. Уаанӡа партиакгьы иадҳамбалацызт. Ирҳәоит Гал иаадрыхуаз аалыҵ ауп издырбалаз ҳәа. Уаҵәы уахь ҳцаны, аҭыԥ аҿы агәаҭарақәа мҩаԥаагоит. Аҳәааҿы ҳҟазауаа гылоуп, урҭ ирымбакәа рывгашьа атәы сыздырам", - ҳәа иҳәеит иара.

Вартагаа иазгәеиҭеит адунеи аҿы 5000 хкы атрипсқәа шыҟоу. Калифорниатәи аԥхьа Америка ицәырҵит. Европа ашьҭа рбеит 1983 шықәсазы.

"Еилаҳкаараны ҳаҟоуп атрипс Аԥсны иҟоу иҟаму. Уи азы раионцыԥхьаӡа акыгақәа ҳхы иаҳархәоит, аха макьаназ акгьы ҳамбацт", - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥснынтәи аҵыҵындра апартиак Урыстәыла алагалара мап ацәыркит

Россельхознадзор Аладатәи арегионбжьаратә усбарҭа аинспекторцәа аԥснытәи абаҳчаҵыҵындра апартиаҿы ирбеит мраҭашәаратәи (калифорниатәи) ашәҭтә трипс. Урыстәыла алагалара мап ацәыркит акарантин-фитосанитартә гәаҭара анымҩаԥырга ашьҭахь.

Атауар ырхынҳәын Урыстәыла аҵакыраҿы аҿкра аланамгаларц азы.

Иазгәаҭоуп сынтәа ари ахҭыс аиԥш зеиԥшу ҩынтә ишыҟалахьоу.

Россельхознадзор адыррақәа рыла, Краснодартәи атәылаҿацә аушьҭырҭатә ҭыԥқәа зегьы хылаԥшра рызнауеит Аладатәи арегионбжьаратә усбарҭа. Арҭ аҭыԥқәа рыла Аԥснынтә Урыстәыла иаларгалахьеит зыкапан 187,5 тонна инаӡо 57 партиа абаҳчаҵыҵындра.

Иазԥхьагәаҭоуп аԥснытәи аҵыҵындра зықь тонна инеиҳаны Урыстәылаҟа анашьҭра.

Калифорниатәи атрипс – ихәыҷу маҵоуп, ашәыр аӡы алнацәцәаауеит, игьамаданатәуеит, Аҩада Америка иатәуп.