Арадио

Шьакаиа еиҭеиҳәеит адгьылҳәазара ашьҭахь Бедиа инхо Тҟәарчалҟа рнеира иахьазы ишеиҿкаау

Тҟәарчали Бедиеи ирыбжьоу автобус арныҟәцаҩ Оҭар Шьакаиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит адгьылҳәазара ашьҭахь араионтә центри ақыҭақәеи реимадара иахьазы иахьынӡашьақәгылоу атәы.
Sputnik

Ажьырныҳәа 15 рзы Бедиеи Тҟәарчали еимаздо амҩа бгеит адгьылҳәазара иахҟьаны. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшаӡам. Араионтә центри ақыҭақәеи реимадара еиԥҟьеит, макьанагьы аҵыхәтәанынӡа ишьақәгылам.

Шьакаиа еиҭеиҳәеит адгьылҳәазара ашьҭахь Бедиа инхо Тҟәарчалҟа рнеира иахьазы ишеиҿкаау

"…Макьана иҟарҵо амҩала ҳныҟәаӡом, ҳахыкәшаны ҳашныҟәац ҳныҟәоит. Агәы-Бедиа быжьба рыбжазы сдәықәлоит, нас Чхәарҭал схалоит, уаантәи Аҽгәарантәи Очамчыра, уаантәи Тҟәарчал схалоит. 80 километра рҟынӡа ыҟоуп аџьармыкьахь унеирц Бедиантәи. Ишиашоу амҩа ахьбгаз ала Бедиантәи Тҟәарчалынӡа 7 километрак бжьоуп. Уажәы быжьба рыбжазы амҩа сықәлоит жәаба рыбжазы Тҟәарчал снеиуеит. Амҩа иацхрааит, аха автобус дууп, изхалаӡом макьана, иҳаракцәоуп амҩа. Тҟәарчалынтәи знык сылбааит Бедианӡа, араантәи уахь сҭахеит, нас сҭыргеит, уаҳа сзымцеит. Аџьармыкьахь мчыбжьык ахь хынтә ҳцон усҟан, уажәы ҩымш. Абилеҭ ахә аҽамԥсахыцт, амҩа ҟарҵаанӡа ҳәа ус ҳныҟәоит… Амҩа Аӡхыдала иҟарҵо иалгароуп, хәыҷык рыгуп", - иҳәеит Шьакаиа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: